Арадио

Ҭаркьылԥҳа еиҭалҳәеит аҵаратә процесс шеиҿкаау афымцалашаразы аԥкрақәа аналагалоу аамҭазы

Аҟәа ақалақь аҵараусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит афымцалашара арцәара иахҟьаны аҵаратә процесс аҿы иҟоу аиҭакрақәа ртәы ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи русура шеиҿкаау.
Sputnik
Ҩымчыбжь аанхеит аҵарашықәс азбжа ахыркәшара аҟынӡа, афымцалашара арцәара шыҟоугьы, аҵаратә процесс наҳагӡап ҳәа азгәалҭеит Ҭаркьылԥҳа.
"Ахәыҷбаҳчақәа быжьба рҿы агенераторқәа аус руеит. Егьырҭ рҿы аҭагылазаашьа иаҳа ибааԥсуп, аха аԥхаррақәа ахьынӡаҟоу аҭаацәа ахәыҷқәа ааргоит. Ааӡаҩцәа русура рыԥсахит. Ахәмаррақәа, абаҩрҵәыра зцу аурокқәа иаҳа ԥыжәара рырҭоит", - ҳәа лҳәеит Ҭарқьылԥҳа.
Ашколқәа ракәзар, аҵаратә процесс зегьынџьара ицоит. Аурокқәа хә-минуҭк ирыгырхоуп. Аҩбатәи амшеихшанҵаҿы иҟоу ахәыҷқәа рҵара хдыркәшоит асааҭ хәба рзы ҳәа азгәалҭеит лара.