Аԥсны

Аԥсны автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система алагалара аҿҳәара инахоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара алагалара 2025 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынтәи 2026 шықәса ажьырныҳәа 1 ахь ииагоуп.
Ари аҩыза аӡбара рыдыркылеит Апарламент аилатәараҿы Арратә ӡбарҭеи Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭеи рхыбрақәа рҟны ахархәагақәа рышьақәыргылара атехникатә уадаҩрақәа ахьрымоу азы.
2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы "Аӡбарҭатә мчразы" Аԥсны Аконституциатә закәан апроект Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит. Алагала ҿыцқәа иреиуан аӡбарҭақәа рҿы автоматизациа зызуу авидео-аудиои рбара аӡбарҭа-информациатә система хымԥада ахархәара.