Ажьиԥҳа лажәақәа рыла, 18 школ рахьынтә 5 рҿы иргылоуп амҿы зҭарҵо аԥечкақәа. Егьырҭ алашара иадҳәалоуп. Иааиуа амчыбжь азы ахьшәашәарақәа ирхырҟьаны еиҭа аиҭакрақәа ҟалоит аҵаратә процесс аҿы лҳәеит лара.
"Иахьазы 35 минуҭ роуп аурокқәа ахьцо. Акрыфарҭақәа аус руеит. Ахәыҷбаҳчақәа ракәзар, иҟоу фба рахьынтә хәба агенераторқәа рымоуп. Ақалақь ахадара рхахьы иргоит урҭ былтәыла реиқәыршәара", - ҳәа азгәалҭеит Ажьиԥҳа.
Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы илҳәеит ахьшәашәарақәа зынӡа ибааԥсхар, школқәак рҿы аҵаратә процесс шаанкылахо.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы хыхь.