АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Владимир Путин Аконституциа Амш идиныҳәалеит.
"Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоу набыцра зқәым аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара Аԥсны анапхгара рзы еиҳа аԥыжәара змоу хырхарҭаны иҟоуп. Агәра ганы сыҟоуп, аиҩызареи аҳаҭыреиқәҵареи шьаҭас измоу ҳаизыҟазаашьақәа аринахысгьы ҳажәларқәа рзы хра злоу аҿиара шроуа", – ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба Путини Урыстәыла ауааԥсыреи зегьы аҭынчреи аманшәалареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.