Арадио

Ахсалԥа Аԥсны сынтәатәи аӡынразы: иаҳа ихьшәашәарахоит

Заанаҵтәи азгәаҭарақәа рыла аӡынра ԥхьаҟа изеиԥшрахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсны аекологиа аинститут аусзуҩ, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асида Ахсалԥа.
Sputnik
Сынтәа аӡын 3-4 градус иаҳа ихьшәашәаразаауеит ҵыԥх иаҿырԥшны, лҳәеит Ахсалԥҳа.
Иахьа ахәылбыҽха аԥша аласра ҳазыԥшуп, аԥсшьарамшқәа рзы ашьхарахь зхы зырхо агәаҽанызаара аадырԥшыруп, иҵаауеит, убасгьы агаҿа иаԥну адгьылқәа рҟны аҳауа аԥхарра лаҟәеит 0 градус рҟынӡа, иҟалоит 1-2 градус иахьҵаауагьы лҳәеит Ахсалԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, амҽыша аҩбатәи азбжазы аҳауа иаҳа аԥхарра аҵалоит, аха ҳазҭоу амза актәи азбжазы ишыҟаз еиԥш иԥхаррахом. Ахсалԥҳа илҳәеит иааиуа аӡынра амзақәа рзы асы ишазыԥшу, агаҿа иаԥну адгьылқәа рҟны уи зышьҭагылом.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.