Арадио

Ҵулукьиа еиҭеиҳәеит аамҭеихшала афымца аиура ачаӡырҭа аусура ишаныԥшуа

Sputnik
Афымцалашара аамҭеихшала аиура аусбарҭақәа, анаплакқәа русура аиҿкаара ианыруеит. Ачаӡыҩцәа ирҭагылазаашьоу, чала ауаа реиқәыршәараҿы еиԥҟьара ҟамларазы иҟарҵо, рхарџьқәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Аҟәа ақалақь Аҳабла ҿыц иҟоу аҷаӡырҭа аиҳабы Нодар Ҵулукьиа.
Иахьа ача аӡра аанаҳкылаӡом, ауаа еиқәҳаршәоит, иҳәеит Ҵулукьиа. Убри аан иазгәеиҭеит агенераторқәа русурагьы аамҭак шамоу, аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр аԥхьаҟа ауадаҩрақәа цәырҵыр шалшо.
"Аграфикгьы ҳацныҟәоит, иаҳдыруеит, аха зны-зынла иҟоуп афымцалашара уи аангьы ианеиԥҟьо, ауадаҩрақәа ыҟами, уи ҳацхраауеит, аха ахарџь иадҳәалоуп зегьы. Атехника уанадҳәалоу ицәгьоуп аусура, аха ҳамчқәа зегьы еидкыланы иаанаҳкылаӡом, чада ауаа аанҳажьӡом. Амала абри ҳхарџьқәеи, ҳтехникеи, аԥхьаҟа иҳалымшар ҳәа ҳшәоит, ахәқәа рҽырԥсахыр ауеит. Макьана иҟало шыҟало ҳаздыруам, аха аҭагылазаашьа уадаҩуп", - иҳәеит Ҵулукьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.