Баслахәтәи ашкол арҵаҩы Асида Ԥачлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит Лаҭатәи атрагедиа, хаҭала зыҩнаҭа дыҩнагылоу Абшьлаа рҭаацәара ирзаанагаз арыцҳара атәы, насгьы иахьа еиҵагылоу аҿар ари арыцхә еиқәаҵәа шырныруа, ашкол аҿы арҵаҩцәа аибашьра атема шрызнарго.
Ари арыцхә ҳаԥсҭазаара еиҩнашеит, 24-ҩык сыуа-сҭахы авертолиот аҿы иҭахеит, лҳәоит аинтервиу аҿы Асида лылыӷырӡ лызнымкылауа.
"Иузхымшага аҭаацәаратә ҭоурыхқәа схаҿы иааиуеит. Сара уи иахьа иҟалазшәа ауп ишсыдыскыло. Ари ақырҭуа фашист игыгшәыграқәа зегьы иреицәахеит. Ҳәаак змам еибашьрахеит. Ари ахҭыс ҳаибашьцәа даҽа гәашьамхк рыҵанаҵеит. Аӷа дшаӷаҵәҟьоу убри аҽны инаҵшьны агәра ҳиргеит. Хыхьчара ицоз рыбылра ҟалашьак амаӡамызт", - лҳәоит Ԥачлиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит, ари арыцхә аҳаҭыраз ашкол аҿы еснагь агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа шеиҿыркаауа.
"Ахәыҷқәа ари ахҭыс анырзеиҭаҳҳәо Лаҭа иаҳгоит, Аҟәарчаԥан – авертолиот ахьышьҭԥрааз иаҳгахьеит, Гәдоуҭа анышә иахьамадоу иҭахаз, ҳара ҳаҟара ирныруеит агәаҟра, уи рхаҿқәа ирнубаалоит. Ахәыҷқәа рыӡбахә аҳәара ҳаналагалак, рылаӷырӡ рзынкылаӡом. Агәалашәаратә усмҩаԥгатә анеиҿаҳкаауа рыбӷьыцқәа ҵысҵысуеит, убас ирныруеит", - лҳәеит Ԥачлиаԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.