АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыхәҭак Шьамтәыла иалыргеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Иара убас иалыргеит Китаитәи жәлар рдемократиатә республикеи Белоруссиеи рдипломатиатә миссиақәа русзуҩцәагьы.
Дамаск иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартын 2020 шықәса рзы, атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара ашьҭахь ҩышықәса анҵы.
Ԥхынҷкәын 8 рзы абџьар зкыз аоппозициаа Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск иалаланы милаҭтә телехәаԥшрала ирыларҳәеит атәыла амчра рнапахьы ишааргаз.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра излаанацҳауаз ала, Башар Асад аҳәынҭқарра ахада имаҵура ааныжьны Шьамтәыла далҵит, амчра ҭынч мҩала инрыжьырц рабжьганы. Ԥыҭрак ашьҭахь Асад иҭаацәеи иареи Москва инеит — Урыстәыла урҭ уа рҽырҵәахыртә алшара рырҭеит.