АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аҟәа авокзал азааигәара ҩыџьа ауаа амашьына рысит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Дамеи Аҩӡба.
"Андуи амоҭеи амҩа иахьахәҭамыз еихырҵәон, алашара аныҟамыз иахьылашьцаз иахҟьаны, Volkswagen аныҟәцаҩ урҭ шьапыла ишнеиуаз гәеимҭазт, дрысит", – иҳәеит Аҩӡба.
Ааха зауз Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп.
Аҩӡба иажәақәа рыла, аӡӷаб акгьы лмыхьӡеит, аха ланду дхәахәеит. Урҭ рыԥсҭазаара шәарҭаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Аныҟәцаҩ амедицинатә гәаҭара дахысит, арыжәтә ыжәны дыҟамызт.