АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Адепутатцәа актәи аҧхьарала ирыдыркылеит "Акриптовалиута амаининг аусхк аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәак рахь аиҭакрақәа ралагалареи" "Акриптовалиута амаининг ақәиҭымтәреи" рзы азакәанапроектқәа. Ԥхынҷкәын 16 ахәылбыҽха имҩаԥысит Аԥсны Апарламент изаамҭанытәим аилатәара.
Акриптовалиута амаининг аусхк аҟны ашьаустә ҭакҧхықәра азԥхьагәарҭоит Аԥсны Апарламент актәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәанапроектқәа.
Акриптовалиута арҳаразы амаругақәа атәыла иалазгало хышықәса ахақәиҭра алхәдатәра рықәырҵоит, аппаратқәа рымхны.
Мҽхакы ҭбаала акриптовалиута амаининггьы хышықәса ахақәиҭра алхәдатәра азҧхьагәанаҭоит, амаругақәа рымхны.
Акриптовалиута зырҳауа амаругақәа 30 киловатт еиҳаны афымцамч нырхуазар, уи зымҽхак дуу изакәаным фымцамчхархәараны иршьоит.