Арадио

Ҳаразиа Гәдоуҭа аҵараусбарҭақәа русуразы: уахынла алашара ахьыҟоу макьана иҳацхраауеит

Гәдоуҭа араион аҵараҟәша аиҳабы Адамыр Ҳаразиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, ахьшәашәарақәеи алашара арцәареи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура ишаныԥшуа атәы.
Sputnik
Уахынла алашара ахьыҟоу макьана иҳацхраауеит, ашьыжь ахәыҷқәа ашколқәа рҿы ианеилак аԥхарра ҩноуп, ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.
"Аурокқәа рмаҷуп 35 минуҭ рҟынӡа. Иара убас аџьаус, асахьаҭыхра еиԥш иҟоу амаҭәарқәа аихшанҵа аҟынтә ианыхуп. Зда-ԥсыхәа ыҟам адисциплинақәа ааныжьуп. Ари амчыбжь анҵәамҭазы ҳаилацәажәан иӡбахоит иааиуа амчыбжь азы аҵара процесс шеиҿкаахо", - иҳәеит Ҳаразиа.
Ахәыҷбаҳчақәа рҭагылазаашьа атәы далацәажәауа иҳәеит, иаҳа ишыуадаҩу.
"Афымца аныҟам аӡгьы рымаӡам. Иӡбан агенераторқәа раахәара, аӡы азҵаара аӡбаразы. Хәыҷбаҳчақәак рҿы игылоуп амҿы ԥечкақәа, урҭ рҿы аԥхарра ыҟоуп. Џьарак агенератор ахьыҟаз иԥхасҭахеит, уигьы ҟазҵо иԥшаара уадаҩхеит, Шәачантәи аспециалист ҳаизыԥшуп. Егьырҭ ахәыҷбаҳчақәа рҿы уахынлатәи аԥхарра ала иааиуеит, аха аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр, урҭ русуратә мшы иагырхатәхоит", - ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.