Аԥсны

Аԥсны 2025 шықәсазы асоциалтә фымцеиқәыршәаразы Урыстәылаҟа аҳәара нанашьҭит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Аԥсны 2025 шықәсазы 327 миллион кВт-сааҭ рҟынӡа асоциалтә фымцеиқәыршәаразы арзаҳал Урыстәылаҟа инанашьҭит ҳәа иҳәеит Аԥсны Афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
Ҳаззыҳәаз асоциалтә фымцеиқәыршәара ҳарҭоит ҳәа макьана официалла ишьақәырӷәӷәаны акгьы ҳарымҳәацт ҳәа иазгәеиҭеит Нанба.
Уи иажәақәа рыла, аԥсуа ганахьала атехникатә усмҩаԥгатәқәа зегьы нагӡоуп, жьҭаарамза алагамҭазы Урыстәыла Афымцамч аминистррахь арзаҳалқәа рышьҭхьан.