Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәын "Кьараз" есышықәсатәи аусмҩаԥгатә "Ассир ҳамҭас" иазкны

Sputnik
Агәыразра- уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" ихацнаркит Ашықәс ҿыц аламҭалазы есышықәсатәи акциа "Ассир ҳамҭас". Уи шаҟа ҭаацәа рхәыҷқәа ҳамҭала рыргәырӷьара алнаршо, аҽалархәразы аамҭа анбанӡаҟоу, ирыҩхьоума ахәыҷқәа асалам шәы́ҟәқәа Аҵаа Бабаду изы, иҟоума акциа ақәҿызҭхьоу, еиҭеиҳәеит Агәыразра- уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Хәышықәса инаркны 14 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа асалам шәҟәқәа рыҩуеит Аҵаа Бабаду иахь аныҳәазы ргәазыҳәара наигӡарц. Иахьазы 300 инацны асалам шәҟәқәа нарышьҭхьеит ахәыҷқәа, иҳәеит Аргәын. Иара иажәақәа рыла, есышықәса бжьаратәла 400 иназынаԥшуа асалам шәҟәқәа роуеит, 1000-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа амҽханакуеит акциа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.