АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Гал араион аҿы ача азымхо иҟам ҳәа Sputnik адырра аиҭеит араион ахада Константин Ԥлиа.
Иара иажәақәа рыла, араион аҿы аус руеит акымкәа-ҩбамкәа хаҭалатәи ачаӡырҭақәеи аҳәынҭқарратә наплакы "Аԥсныча" афилиали.
"Афымцамч андырцәо аамҭазы хаҭалатәи ачаӡырҭақәа адизельтә генераторқәа рыла аус руеит. Аха аилахәыра "Аԥсныча" 50% рыла раалыҵ дырмаҷыр акәхеит. Урҭ рдизельтә генератор бжьысит. Абригада наҳашьҭуеит, игәаҳҭап, ҳазларыцхрааша", — иҳәеит иара.
Уи адагьы, Ԥлиа иажәақәа рыла, адизельтә генератор аус ахьауа азы, ачаӡырҭа аалыҵқәа рыхәԥса еизҳар алшоит. Уи ҟамларазы, араионтә еиҳабыра аҳәынҭқарратә еилакы былтәыла аиқәыршәаразы азҵаара иазхәыцуеит.