Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: Урыстәыла 2024 шықәсазы арратә операциа ҷыдаан 189 нхарҭа ҭыԥ ахы иақәиҭнатәит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Урыстәыла 2024 шықәсазы арратә операциа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны 189 нхарҭа ҭыԥ ахақәиҭтәра алшеит иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аколлегиа аилатәараҿы данықәгылоз.
Иара иазгәеиҭеит Мраҭашәара ахымҩаԥгашьала Урыстәыла "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҟынӡа имнеир ада ԥсыхәа амам ҳәа.
"Аколлективтә Мраҭашәара адунеи аҟны ирымоу аԥыжәара еиқәдырхарц ишаҿыц иаҿуп, адунеитә еилазаара дара иргәаԥхо аԥҟарақәа егьырҭ рықәныҟәарц ишадырцало, убри урҭ аԥҟарақәа есымшааира ирыԥсахуеит, дара ишырзыманшәалоу еиԥш", — иҳәеит Путин.