АҞӘА, ԥхынҷкәын 16 - Sputnik. Шәача амшцәгьа ыҟазаауеит ҳазҭалаз амчыбжь азбжаҟынӡа, убри аҟнытә уажәаԥхьа ирыларҳәаз агәаҽанызаара амч амоуп.
Ақәаршыҩқәа 23 метра секудк ала зыласра ыҟоуп аԥшаӷьқәа ҟалоит, ашьхараҿы асы леиуеит ҳәа аарыцҳаит Шәача ахадара апресс-маҵзураҿы.
"Ақалақь анџьныртә инфраструктура еиԥҟьарада аус ауеит. Аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵуеит, аха макьана џьаргьы ихымҵӡацт. Амҩақәа рҿы џьара-џьара аӡқәа ҭатәоуп ақәа рацәаны иахьлеиуа азы, аха оумак иаанымгылакәа иқәҵуеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.