"Шәышықәсала аԥсуа жәлар иҳанҭо ирхаԥаз алашьцара, ҳшәышықәса аналагамҭаз икаҷҷо инагәылԥхеит Дырмит Гәлиа иаиркыз ацәымзалашара. Уи алашара Прометеи имца иаҩызан. Акызаҵәык урҭ ахьеиԥшым, Прометеи имца лакәны аӡбахә рҳәоит, легендак иаҩызоуп, ҳара ҳапрометеи амцалашара жжаӡа икаирԥхеит аргамаду, зегьы ирбауа. Абри азыҳәан жәлары зегьы уи изырҳәо иалагеит "ҳ-Прометеи" ҳәа"
Миха Лакрба
Иахьа ҳажәлар рыԥсҿыхҩы, ҳбызшәеи ҳкультуреи, ҳҭоурыхи еиқәзырхаз арккаҩ ду Дырмит Гәлиа изку альбом Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура аминистрреи Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеии рыбзоурала иҭыжьуп. Даара акрааҵуан асеиԥш иҟоу альбом бзиак ҳазыԥшижьҭеи раԥхьаӡатәи Аԥсны Жәлар рпоет изкны.
Ари альбом хазына азеиԥш редакциа азиуит, атекстқәеи афотографиақәеи зегьы инапы иҵигеит, еиқәиршәеит, аџьабаа дуӡӡа адибалеит ауаажәларратә усзуҩы, ажурнал "Аԥсны Аҟазара" аредактор хада Геннади Аламиа.
Аредакциатә еилазаара иалоуп Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аусзуҩцәа: Қәарсаиа С. М., Кәакәасқьыр З. И., Кәыҵниа М. Н., Ҭаниа И. В., Палба М. Л,. Аргәын Р. И., Матуа Г. Ш.
Альбом "Абри соуп сара", посвященный Д.И. Гулиа
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа
Альбом ахьаауртуа ҳаԥхьоит:
"Ажәалеи сахьалеи еиҿкаау ари аҭыжьымҭа, Аԥсны жәлар рпоет, иахьатәи аԥсуа милаҭҭә культура ахыҵхырҭақәа зегьы зыхьӡ рыдҳәалоу, Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиареи анубаало, имҩашьахуа иуаҩышьа аныԥшуа иҟаларц акәын хықәкыс иҟаз. Зыԥсҭазаара шықәсыла изымшәоз Ауаҩ Ду диижьҭеи 150 шықәса аҵра инамаданы, иара иҩны-амузеи аҳәаақәа инархыжьны, зда ыҟам архивтә ҭаҵәахқәа жәлары зегьы ирбартә, ираҳартә изыҟалар, аартра дук ҟарҵеит ҳәа ирыԥхьаӡоит амузеи аусзуҩцәа".
Альбом аҩбатәи адаҟьаҿы иануп Аҟәа агәшашараҿы 1963 шықәсазы идыргылаз, аԥсуа-қырҭуатә еибашьра аан анацистцәа иԥыххааса иқәырҵаз Д. И. Гәлиа ибаҟа ссир. Уи авара иануп ԥсра зқәым Баграт ду уи абаҟа иазку иажәеинраала. Абраҟа уи ажәеинраала ишеибгоу акьыԥхьра иаҭыԥуп ҳәа исыԥхьаӡоит:
Д. И. Гәлиа ибаҟа аԥхьа
Иԥыххааса ахра еилаҭәахра,
Аҭҳарцәҳәа даақәтәеит Дырмит.
"Дҽыжәҵит, имшәх, дад, Сасрыҟәа иаӷәра!"-
Иҳәозшәа ҳарҭ днаҳзыԥшит.
Аеҵә шеишеи ажәҩангәы ишаджәаз,
Абжьы иаҳазшәа дӡҩрит.
- Жәытә хаҳәык ирбаз аԥсышәала ишцәажәаз,
Уаҳазар акәхап Дырмит.
- Ишԥасмаҳац, ахара инаҩхьоу!
Аха уажәыҵәҟьа- разҟуп,
Ҳҿар иахьатәи ҳанбан ишаԥхьо,
Сишь, ҽеила исаҳарц сҭахуп!
Альбом "Абри соуп сара", посвященный Д.И. Гулиа
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа
Д. И. Гәлиа иҭоурыхи, ирҿиамҭақәеи, инарҭбаау инысымҩеи, уи ҳкультуразы илиршази дрыхцәажәоит иара илитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы, аҟазараҭҵааҩы Светлана Қәарсаиа альбом иану лыстатиаҿы. Даара узеигәырӷьаша усуп уи иану астатиқәа рӷьырак х-бызшәак рыла иахьану - аԥсшәеи, аурысшәеи, англыз бызшәеи. Абраҟа иааҳгоит уи астатиа ахәҭа хәыҷык:
"Д. И. Гәлиа - хазы игоу дунеиуп, зеиԥшыҟам цәырҵроуп аԥсуа культура аҭоурых аҿы. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет, жәлар рырҵаҩы, аетнограф, аҭоурыхҭҵааҩ, алингвист, афольклоҭҵааҩ… Иахьа Дырмит Гәлиа ихьӡ анаҳҳәо, ҳхаҿы иааиуеит уи еиқәиршәаз "Анбан шәҟәы", раԥхьаӡатәи аԥсу жәеинраалақәа реизга " Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи", раԥхьатәи аԥсуа жәабжь, раԥхьатәи аԥсуа ҭоурых ашәҟәы, раԥхьатәи арҵагатә шәҟәқәа, аԥсуаҭҵаарадырра раԥхьатәи ашьаҿақәа, еиҭаҵуа аԥсуа тетр аиҿкаара. Избанзар, амилаҭ рдоуҳатә культура, рлитература, рҟазара, рыҭҵаарадырра иарбан хырхарҭазаалак ахыҵхырҭа аҟынтәи ҳанахәаԥшуа, уи ашьаҭаҿы игылоу Дырмит Иасыф иԥа Гәлиа иоуп. Амилаҭ культура ахәҭақәа зегьы рҿы Д. И. Гәлиа иаҳзынижьит ахааназ еиҭакра зқәым аҭынха беиа".
Альбом иануп Дырмит Гәлиа иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа рҟынтәи ихы-иԥсы зегьы рыхҭынҵаны дызҿыз аус ду иазку ажәеинраалақәа маҷымкәа. Урҭ руакы "Исҭахын сара" захьӡу абраҟа иааҳгоит:
Исҭахын сара сҿаҳәатәы ҟалуа сҟаларацы,
Аԥсны иазеиӷьу акәымзар даҽакы сымҳәарацы.
Аԥсуаа еидгылауа рҳәатәы еиқәшәарацы,
Русқәа бзианы адыррахь рхы дырхарацы.
Исҭахын сара ацәыгьшьыцра ҟамларацы,
Убри ала амҩа иашахь зегьы изгарацы,
Наӡаӡа игәырӷьауа, иччауа избарацы…
Альбом "Абри соуп сара", посвященный Д.И. Гулиа
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа
Альбом иануп адунеи еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәеи Дырмит Гәлиеи еицҭырххьаз рфотосахьақәа. Урҭ иреиуоуп: Омар Беигәаа, Евгени Долматовски, Константин Симонов, Евгени Евтушенко, Расул Гамзатов, Адам Шогенцуков, Ҟаисын Кулиев, Давид Кугультинов, Николаи Тихонов, Алексанр Твардовски, Андреи Битов уҳәа убас ирацәаҩӡаны.
Альбом иану ашәҟәыҩҩцәа рҳәамҭақәа, ргәалашәарақәа, Дырмит Гәлиа изку ргәаанагарақәа, ажәеинраалақәа даара ирацәоуп, урҭ рҟынтәи абра иааҳгоит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа истатиа "Ауаҩы дыԥсыр ажәа иҭынхоит" алагамҭа:
"Иахьауажәраанӡа ишыҟоу еиԥш, аринахысгьы, аԥсуа жәлар егьы ҵеицәа дуқәа рхылҵыргьы, Дырмит Гәлиа ихьӡ еснагь ҷыдала ишырҳәо, зегьы ирылкааны, зегь реиҳа иҳаракны, жәлар рнапы иқәыргыланы ишырку инхоит.
Шаҟа ҵуааз Дырмит Гәлиа изыԥшызижьҭеи Аԥсны!
Аамҭеи аҭоурыхи знызынла жәларқәак ираҩсӡоит, ма икәаҳаны ирхысны ицоит, ирылаз рбаҩхатәра, ргени ацәыргаха рамраӡакәа.
Абасеиԥш аан дгылеит Дырмит Гәлиа. Иџьаушьаша, диит уи Аԥсны агәаҿы, Аԥсны агәы иалсуа, еиҳа амчхара змоу ҳӡиас Кәыдры цқьа аԥшаҳәаҿы, амшын дхыхәхәала дшысабиз Ҭырқәтәыла дыӡхыргеит, дшысабиз аԥсреи абзареи дрыбжьагылт, аха икыдымшәарц, имыӡырц иҟан Аԥсны аеҵәахә, Аԥсны, аԥсуа-жәа анасыԥ".
Альбом "Абри соуп сара", посвященный Д.И. Гулиа
© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа
Ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы ихҭыс дуӡӡоуп Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵра аиубилеи, иара убасгьы ихҭыс дууп абри еиԥш иҟоу альбом ссир аиубилеи аламҭалаз иахьҭыҵыз, ҳаԥхьаҩцәа ҳамҭас иахьроуз!.. Даҽазныкгьы иҭабуп идуӡӡан ҳәа раҳҳәоит апоет Геннади Аламиеи уи имтәа-имгыла хымз рыҩныҵҟа ицхрааны абри аҩза ассир зымпыҵыҵыз Д. И. Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи аусзуҩцәа. Иахьа аамҭа егьа иуадаҩзаргьы, аибарххарақәа рацәазаргьы, иҟоуп жәҵыс хәыҷык жәларык рхы иаззырхәыцша, изыргәырӷьаша агәырӷьаҿҳәашатә жәабжь рзаазго. Иахьа ҳара иаҳзааит агәырӷьаҽҳәаша, Дырмит Ду изку альбом даҽазныкгьы ҳгәы ҳҽаннаҵоит, ҳбызшәа ҳмырӡырц, ҳаԥсуара ҳахьчарц, ҳаԥсадгьыл ҳахӡыӡааларц, ҳҵеицәа фырхацәақәа иларц. Еихымсыӷьӡо ҳгәы икәҩуеит ҳаԥсҿыхҩы Дырмит Гәлиа иажәақәа:
"Сара ақәра ду нысҵит. Ажәлар рзы сыҟоуп. Сырҿиамҭа зегьы ажәлар ирызкуп".