Ашәба иҳәеит, Дырмит Гәлиа ихаҭара ишышьақәнырӷәӷәо "ҵарада ахшыҩ змаз" ҳәа аԥсуаа ражәа иалаз ахшыҩзцара. Уи ҩышә шықәса раҟара ниҵызшәа убри аҟара илшеит ганрацәала, ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аԥсуаҭҵааратә институт ахырхарҭақәа зегьы иара иҭҵаара ишазыркуагьы, макьана ирацәоуп иҭҵаам!", - ҳәа иҳәеит Ашәба.
Аконференциа атәы далацәажәауа иазгәеиҭеит, ааԥхьара змоу аҵарауаа зегьы гәахәарыла уи рхы шаладырхәуа.
Ԥхынҷкәын 17 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥысуеит шықәсык иалагӡаны аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа хзыркәшо агәырӷьаратә еилатәара. Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы иҟалоит аҭҵаарадырратә конференциеи апоет ибиуст аартреи.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.