Афымцалашара аҟамзаара ҳусушьа ианымԥшыр ауам, агенераторқәа шҳамоугьы иҳәеит Қорсаиа.
"Ԥсоу инаркны Егрынӡа 300-ҟа станциа ҳзықәгылоуп, урҭ рахьынтә 200 раҟара рхатәы генераторқәа рымоуп. Насгьы араҟа агенератор ду аус ауеит 500киловатт иҟоу. Агенераторқәа зегьы ус ирзыԥхьаӡамызт 12 сааҭ мышкы аус руа ҳәа. Мчыбжьык ахь знык-ҩынтә алашара ыцәозар, ма ианамуӡах уаанӡа ишыҟаз ҽнак ҩынтә иандырцәоз, ҳахьӡон амаҵ азура, аха уажәы ариаҟара абылтәы ҭаҭәашьа ыҟаӡам. Ус еиԥш алшара ахьҳамам аҟынтә, иалхны иҳамоуп 50-60 генератор астанциақәа рҟны аус зураны иҟоу, ҳажәлар еимадарада иаанымхарц азы. Амобилтә еимадара ада уажәы еимадара ыҟам азы, уи ақәыӷәӷәарагьы иамоу рацәоуп, мышкы ҩба-хԥа тонна абылтәы наҳхоит. Уи мацара акәӡам, уи иахҟьаны( афымцалашара аамҭеихшала аужьра- аред.)иааԥшуа авариақәа ҳаӡбоит. Абас ҳааиуеит макьана, аха ԥсыхәак ҟамлар даара ицәгьахоит. Уахынла иаҿаркуа алашара даара иҳахәоит, жәаҳәарада. Уи аныҟамла, ас аус ауа иаанхоит ҳәа аҳәара азыцәгьоуп", - иҳәеит Қорсаиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.