Ахьшәашәарақәа, афымцакризис, ари зегьы ицәырнагоит ауадаҩрақәа. Аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа ирылагӡаны агрипп чмазара амҽхак аҽарҭбаама, ирацәаҩума ахәыҷтәы хәышәтәырҭа иҭашәо, иарбан чмазарақәо еиҳа лассы-лассы ирыдырбало, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи арадио Sputnik аефир аҿы рҭак ҟалҵеит ахәыҷтәы республикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа нызыгӡо Инесса Камлиаԥҳа.
Ахәыҷқәа ачымазара змоу рхыԥхьаӡара иацлеит ҳәа ҳазҳәаӡом, аӡын аамҭа иацааиуа сезонла иҟоу ачымазара шыҟац иҟоуп, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Камлиаԥҳа.
"Иаҳа ирацәоу алымҳачымазара, ахәдачымазарақәа роуп. Арҭ ачымазарақәа ахәыҷбаҳчақәа рҟынтә ицоит, ахәыҷқәа еимырдоит дара-дара. Аковид ашьҭахь дара рхыԥхьаӡара иацлеит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.