Афымцалашара аушьҭра аамҭеихша иаҿырԥшны ауп русура шышьақәдыргыло аусбарҭақәа зегьы. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы иаҵанакуа аспорттә секциақәа русушьа аиҿкаашьеи, иахьазы русура афымцалашара аҟамзаара ишаныԥшызи, арадио Sputnik аефир аҿы иалацәажәоит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ин.н. Беслан Карчаа, ареспубликатә ахәыҷтәы спорт школа аусушьа шеиҿыркаауа далацәажәоит абокс азыҟаҵаҩ Иракли Ҵурҵумиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.