АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Апарламент адепутат Адгәыр Ҳаразиа ихымҩаԥгашьаҿы ашьауӷатә цәгьоура ыҟоу-иҟаму азы алкаа аҟаҵаразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь аматериалқәа нанашьҭуеит ҳәа Sputnik адырра арҭеит Апрокуратура хадаҿы.
"Аӡбарҭа иҟанаҵо алкаа алҵшәақәа инарықәыршәаны, Аԥсны Жәлар Реизарахь ажәалагала дәықәҵахоит Апарламент адепутат Ҳаразиа Адгәыр Рафеҭ-иԥа икьымсра ихыхрази иганахьала ашьаус ахацыркра иазыразхарази", — ҳәа иазгәарҭеит аусбарҭаҿы.
Азакәанхьчаратә усбарҭақәа еиуеиԥшым аоператив-шьаусԥшааратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит Ҳаразиа иаанкыларазы.
Адепутат Адгәыр Ҳаразиа ҧшьынтә Кан Кәарҷиа иганахьала дхысит апарламенттә еилакы аилатәараан ҳәа адырра ҟаиҵеитапрокурор хада и.н. Дамир Кәыҵниа.
"Абыржәтәи аамҭазы имҩаҧысуеит ашьаусҧшааратә уснагӡатәқәа, аилатәара иалахәыз ахаҿқәа рҿахәҿыхра, ишьақәдыргылоит иҟалаз-шыҟалаз аҭагылазаашьақәа, иара убас Гәаланӡиа иҧсыбаҩгьы иахәаҧшит. Имҩаҧысуеит егьырҭ аоператив-ҧшааратә уснагӡатәқәа Ҳаразиа дахьыҟоу аҭыҧ ашьақәыргыларазы", – ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Адепутат Кан Кәарҷиа игәабзиара хар амам, ихәшәтәра ацҵаразы иақәнагоу аҟәшахьы ииагара ргәы иҭоуп. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы, аҳақьым анестезиолог-ареаниматолог Аслан Мқьалба изхьаҧшны.
"Иҷыдоу абжьгарақәак ыҟаӡам, зегьы планла ицоит, апациент ахәшәтәра дахысуеит, иахәҭоу ахәшәқәа иоуеит", - иҳәеит иара.
Аҳақьым иазгәеиҭеит апациент ижәҩахыр абҩа шҧҵәоу.