Аҭагылазаашьа уадаҩуп зымҩа хҵәаны иаанхаз аҭаацәарақәа рзы, ҳәа иҳәеит Агрба.
"Шьапылагьы амҩа рымаӡам, амашьына атәы акәым. Ауҭрақәа рҭысны инеи-ааиуеит. Аҭыԥ маншәалаӡам, амҩа авганы аҟаҵаразы иахьа ҳахәаԥшуан, аха уигьы иауам. Аспециалистцәа рахь адырра ҟаҵоуп, ақьаадқәа реиқәыршәара ҳаҿуп. Аусурақәа ианрылаго ҳәа аҿҳәара ҳзаҭаӡом", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.