АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 - Sputnik. Владимир Путин апресс-конференциа ду иацны имҩаԥигаз ииашоу аимадара 4,5 сааҭ ицон. Урыстәылатәи Афедерациа ахада 76 зҵаара рҭак ҟаиҵеит.
Ихадоу аҭакқәа:
Арегион ҿыцқәа рҿы 21 нызқь обиект еиҭашьақәыргылоуп. Иааиуа 5 шықәса ирылагӡаны даҽа 20 нызқь ҟаҵахоит. Мариуполь ақалақь аҿы 1700 ҩны еиҭашьақәыргылоуп, 300 нызқьҩык ауаа ақалақь ахь ихынҳәхьеит.
Арегион ҿыцқәа рҿы амҩатә ҳақәа зегьы еиҭашьақәыргылахоит, Азовтәи амшын иахыкәыршаны зхаҭабзиара ҳараку амҩа ҟаҵахоит.
Путин Трамп димацәажәеижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит. Урыстәыла ахада иҳәеит реиԥылара дшазхиоу, аха макьана издырам уи аныҟало.
Урыстәыла Шьамтәыла ахықәкы нанагӡеит, Исламтәи ахалифат аԥҵара алнамыршеит, аибашьра ашықәсқәа ирылагӡаны уа иҟаз амчқәа рҽырыԥсахит, амчрахь иахьазы иааз атеррористцәа ракәымхеит. Урыстәылатәи Афедерациа агуманитартә цхыраара анагаразы Хмеимими Тартуси рҟны иҟоу абазақәа ахархәара рырҭарц ажәалагала ҟанаҵеит.
Урыстәыла ахшараиура акоеффицент 1,4% иҟуп. Ари ЕЕ аҿы иҟоу аасҭа еиӷьуп, аха уи азхом. Ахшара дзаур зылшо аҳәса рхыԥхьаӡара 30% ала еиҵахеит. Урыстәылатәи Афедерациаҿы аҭаацәаратә ипотека амч шамац иаанхоит.
Урыстәыла аамҭалатәи аинышәара акәӡам иаҭаху, Урыстәылазы ахәдықәҵарақәа рыла ишьақәырӷәӷәоу акыраамҭа ишьақәгылазаауа аҭынчроуп. Урыстәыла ианеиҵаха хынтә Киеви иареи аилаӡарақәа рыбжьаҵара иақәшаҳаҭхахьан, аха Украина урҭ еснагь ирԥырхагахон.
Мраҭашәаратәи асанкциақәа Урыстәыла иаԥырхагоуп, апроблемақәа рзаԥырҵоит, аха "урҭ ирылшом ҳара ҳҭархара".
Путин агәра ганы дыҟоуп Урыстәыла аиқәырхара илшеит ҳәа: "уи аиқәырхара мацара акәымкәа, быжьрабыжьҵәа аҭаҳара ҳацәцеит".
Урыстәылатәи ар ажәыларатә цәаҳәа зегьы амҽхакны ԥхьаҟа ицоит, аӷа Курсктәи аобласт иалцара иаҿуп.
Аӡәгьы илшом "Орешник" еихсны акажьра, аха аексперимент мҩаԥгазар ауеит: Мраҭашәара Киев аобиект алнахааит, Урыстәыла уи ааха шанаҭо рбап.
Шьамтәыла имҩаԥысуа Урыстәылазы иаҵахароуп ҳәа узҳәом: Москва уахь инеит атеррористтә анклав ацәырҵра аԥырҟәҟәааразы, иааидкыланы иуҳәозар, ҳара ҳхықәкқәа наҳагӡеит.
Шьамтәыла имҩаԥысуа зегьы еиҳарак иззеиӷьу Израиль ауп, Урыстәыла уи Шьамтәылатәи адгьылқәа ахьрымнахуа иақәыӡбоит.