Аԥсны

Аԥсуа телехәаԥшраҿы Ауаажәларратә хеилак аилазаара шьақәырӷәӷәоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы Ауаажәларратә хеилак аилазаара шьақәырӷәӷәоуп.
Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
Ауаажәларратә хеилак иалахәуп:
Мадина Бганԥҳа,
Гьаргь Берзениа,
Роман Гериа,
Марина Гәымԥҳа,
Нугзар Логәуа,
Емма Хоџьааԥҳа,
Нодар Ҷанба.