Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аргәынԥҳа афестиваль "Мандарин" иазкны

Sputnik
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу афестиваль "Мандарин" аиҿкааҩцәа руаӡәк Сариа Аргәынԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи апрограмма шышьақәгыло, аҭааҩцәа ирыдыргало атәы.
Афестиваль "Мандарин" раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысуеит 2025 шықәса ажьырныҳәамза 3 инаркны 8 рҟынӡа. Уи иаҭаауа рзы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа еиҿкаахоит: Гәыматәи астанциаҿы "апатырқалтә чара амҩаԥгара", уа афотозона, аторт, аҭаца лышәҭшьыҵәра разырхиара; амандаринатә баҳчақәа рҭаара, ацитрустә шәырқәа рыҭаара, амхурсҭақәа рҿы афотоҭыхра амҩаԥгара; Аԥснытәи акинорежиссиорцәа рфильм кьаҿқәа рыхәаԥшра, амшын аԥшаҳәа Marnero аҿы урҭ рыҿцәажәара; жәлар рнапкымҭақәа рҟазацәеи афермерцәеи рцәыргақәҵа аҭаара; аҟазара-классқәа рылахәхара; аҳауатә ԥышҭарч ду ала аԥырра, аетнопарк "Аԥсны" аҿы иҟоу ахәыҷтәы музыкатә студиа азыӡырыҩра.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны адунеитә рекорд ашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп.
Аҭыԥқәа руак аҿы амандарина иалху хә-метрак зыҳаракыра ыҟоу аҵла шьақәыргылахоит. Аҵыхәтәантәи ирекордтәу ҳәа иԥхьаӡаз амандаринҵла х-метрак аҳаракыра аман.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.