Аԥсны

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа алкаа ҟанаҵеит Ҳаразиа иумҭа ацәгьоурақәа ирыҵанакуеит ҳәа

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз аумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт "е", ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа.
Алкаа ҟарҵеит Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз аколлегиа.
Апарламент адепутат иганахьала ашьаус ахацыркразы аӡбамҭа идикылоит апрокурор хада Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа иҟанаҵаз алкаа инақәыршәаны, Жәлар Реизара азыразра иманы.
Ԥхынҷкәын 19 рзы Апарламент аҿы иҟалаз ахысраан дшьын адепутат Вахтанг Гәаланӡиа, дхәын адепутат Кан Кәарҷиа. Гәҩарас дрымоуп адепутат Адгәыр Ҳаразиа.