Акырӡа аҵанакуеит ас еиԥш аформат ала ауаажәлар рацәажәара ҳәа иҳәеит аицәажәараҿы Ҳагба.
"Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә ажурналистцәа ирҭоз азҵаарақәа рҭак шыҟаиҵоз даара акырӡа аҵанакуеит, уи иақәҿырҭит адунеитә амассатә информациатә хархәагақәа. Владимир Путин иазгәеиҭеит, Урыстәыла аекономика аизҳара шамоу, абысҟак аԥкрақәа шамоугьы", – ҳәа иҳәеит Ҳагба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.