Изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәахаз, Агәымшәаразы амедал занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Жәлар реизара адепутатс иҟаз Вахтанг Гәаланӡиа дзеиԥшраз, уи ихымҩаԥгашьа, иуаҩра атәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, Кәтол ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩс иҟоу Гиви Ҵнариа.
Апарламент аҿы иҟалаз ахысрақәа раан адепутат Вахтанг Гәаланӡиа иԥсҭазаара далҵит иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны, Аԥсны Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа инапахьы ахәра иоуит, ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп.
Лиака имацара имаахаӡеит ахы, зегьы иаҳаахеит ҳәа исыԥхьаӡоит, ҳәа иҳәеит Ҵнариа.
"Зыжәлар рзы еилых ҟамҵаӡакәа, згәы зегьы ԥсыцқьала иҭаҳәҳәаз дҭадырхеит. Уи зегьы иаҳхьаауп. Иара иҟазшьа, ицәажәашьа, иуаҩра, иаԥсуара ныҟәгашьа, инаалашьа, акы иузалырҩашьамызт. Ари ааха ӷәӷәаны исыԥхьаӡоит ҳаԥсадгьыл зегьы азы", - ҳәа иҳәеит Ҵнариа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.