Аԥсны

Омар Смыр Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала аӡбарҭа азал аҟынтә ихы дақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Омар Смыр Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала аӡбарҭа азал аҟынтә ихы дақәиҭыртәит.
Апрокуратура аҳәара аман, ҭакрала аԥырҟәҟәаагатә усмҩаԥгатә изалхразы.
Иахьа, ақалақьтә прокуратура актәи аинстанциа аӡбарҭа иҟанаҵаз аӡбара аԥыхразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаустә усқәа рзы ахашшааратә коллегиахь ажәалагала нанашьҭит.
Аусҭҵаара излаанацҳауа ала, ԥхынҷкәын 7 рзы ахәылбыҽха Смыр, ақьафурҭаҿы дыштәаз, Гагра араион апрокурор Беслан Ԥкьын ишакәым диацәажәеит, напышьашәала дипҟеит, дкажьны хәынтә еиҵамкәа Ԥкьын иганахьала дхысит.
Ԥхынҷкәын 18 рзы Омар Смыр апрокуратураҿы днеит, иара уаҟа дҭаркит.