Арадио

Џьапуа Китаитәи ауниверситетқәа руак аҿы иусуразы: акыр сгәырӷьаз хҭысуп

Sputnik
Китаитәи ақалақь Ланчьжоу иҟоу ауниверситет Миньзу иааԥхьоу апрофессор ҳәа далыххеит афольклори аепоси рыҭҵааҩы иаҳасабала Аԥсны аҭҵаарадырракәа ракадемиа апрезидент, Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр анапхгаҩы Зураб Џьапуа. Абри шалыршахаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ ихаҭа.
Сҵарадырра ус аҿы акыр сзыргәырӷьаз хҭысхеит Миньзу аҿы сусура ахацыркра ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Џьапуа. Уи шыҟалазгьы атәы еиҭаҳәауа иазгәеиҭеит, аепосҭҵаара ишабзоуроу.
"Миньзу аҩнуҵҟа иаԥҵоуп аепикатә ҭҵамҭақәа рыҭҵаара иазку ацентр. Уи алоуп аконференциахьгьы ааԥхьара шсоуз. Ацентр иазҿлымҳауп адунеитә епикатә рҿиамҭақәа, Нарҭаа назлоугьы", - ҳәа иҳәеит Џьапуа.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.