Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳагԥҳа ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа иазку апроект алҵшәақәа ртәы

Sputnik
Аԥсуа-абаза конгресси Агәабзиарахьчара аминистрреи еицымҩаԥырго адиспансеризациа апроект хыркәшоуп. Шаҟа школ ирҭааз аҳақьымцәа, ахәыҷқәа гәарҭаз, ирыдырбалаз ачымазарақәа аиҳарак изыдҳәалоу, иааиуа ашықәс азы апроект иацҵахома, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуа-абаза конгресс аҵареи, асоциалтә активреи, агәабзиарахьчареи рыҟәша аиҳабы Изольда Ҳагԥҳа.
Ҩышықәса имҩаԥысуаз апроект аԥхьаҟагьы иацҵахап ҳәа агәыӷра ыҟоуп, лҳәеит лцәажәараҟны Ҳагԥҳа.
"Ҩышықәса ирылагӡаны х-нызқьҩык раҟара ахәыҷқәа гәаҭан, иҳаҩсуа ашықәс азы зқьи хәышәҩык раҟара ақыҭа школқәа ирҭоу ахәыҷқәеи иара убас арҵаҩцәеи ргәабзиара гәаҳҭеит", - лҳәеит Ҳагԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, арҭ аҩышықәса ргәабзиара агәаҭара рылшеит 20 процент ашколхәыҷқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.