Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Арбџьармчқәа аиланхарҭақәа ҩба рхы иақәиҭыртәит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа аиланхарҭақәа ҩба рхы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла Арбџьармчқәа рнапахьы ииаргеит Харьковтәи аобласт аҟны иҟоу аиланхарҭа Лозоваиа, иара убас ДЖәР иҟоу - Красное.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа:
Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә мчқәа, артиллериа рыла Украина арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа русура еиҿызкаауа аенергетикатә ргыларақәа, аибашьцәеи арратә техникеи ааха рырҭеит 138 раион рҟны.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 100 карыжьит, урҭ рҟынтәи ԥшьба арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа анҭыҵҟа.
Арратә операциа ҷыда иаалагазар иҭархоуп: 650 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 38341, 590 ЗРК, 19952 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рмашьынақәа 1504, артиллериеи аминаршәгақәеи 19334, иҷыдоу арратә автомабилтә техника 29427.