Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ҭаниаԥҳа анхацәа рыбжьара аидгылареи ахныҟәгареи ирызкны

Sputnik
Ԥақәашь инхо, уаҟа аҩбатәи абжьаратә школ напхгара азҭо Наира Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лыԥсҭазаашьа шеиҿкаау, лқыҭаҟны ахныҟәгара зеиԥшроу, иуадаҩзаргьы иаҳа еиӷьуп ҳәа зылԥхьаӡо.
Инеиҵыхны аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.