Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиор, арежиссиор Ахра Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рзы иаздырхиаз иарбан қәыргыламҭоу, иаанарԥшуа, шаҟаҩы алахәу, аус шадырулоз, иахьыддырбо атәы.
"Акаҷбеира ахәшә" захьӡу алакә ықәнаргылоит Аҿар ртеатр. Уажәшьҭа инеиԥынкыланы хышықәса ҵуеит ашықәсҿыцаз Аҿар ртеатр ахәыҷқәа аныҳәа рзеиҿнакаауеижьҭеи иҳәеит ақәыргыламҭа арежиссиор Кәарҷиа.
Аныҳәатә спектакль арбара мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 24 асааҭ 10:30 рзы Гәдоуҭатәи акультура ахан ахыбраҿы. Ԥхынҷкәын 28, 30 асааҭ 12:00 рзы Гәымба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.