Арадио

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит сынтәа Аԥсны аԥсаӡ хадаҟны аныҳәа шеиҿкаахо

Sputnik
Аҟәа Аԥсны аԥсаӡ хада аартра рышҽазыҟарҵаз, сынтәа аныҳәатә программа шеиҿкаахо, иазгәаҭоу ауаа агәалаҟара рыҭаразы, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь ахадара акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҟны аԥсаӡ хада аартхоит ԥхынҷкәын 25 асааҭ 7 рзы ахәылбыҽха.
"Аныҳәатә программа ду азгәаҭоуп. Аԥсаӡ хада анаартхо уи аҟны алашарбагақәа аркхоит. Амза 25 рзы иаартхоит, иқәгылоит аестрадатә шәаҳәаҩцәа, ақалақь ахада Беслан Ешба адныҳәалара ҟаиҵоит. Зегьы шәааҳаԥхьоит уахь", - лҳәеит Ҳашыгԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, аԥсаӡ хадаҟны есыҽны ақәгыларақәа мҩаԥыслоит, уа инеиуа аныҳәатә гәалаҟара роуеит.
Ԥхынҷкәын 25 инаркны 28-нӡа, иара убас ажьырныҳәа 2 инаркны 15-нӡа хәылбыҽхала асааҭ 7 инаркны Ахақәиҭра ашҭаҿы ажәҩан аҵаҟа иаарту акинотеатр аусура азгәаҭоуп.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.