Ԥхынҷкәынмза 24 1990 шықәсазы, Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу асовет апрезидиум ахантәаҩыс далхын. Ари ахҭыс ҳтәыла анаҩстәи аԥеиԥш ныррас ианаҭази, уи аамҭақәа раан ҳмилаҭ аҿаԥхьа иқәгылаз азҵаарақәеи, Владислав Арӡынба илагалеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дырзааҭгылоит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.