АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра абрынџьи абрынџь иалху арыцқәеи атәыла алгара азинҟамҵара аамҭа иацнаҵеит, алаҵаразы ажәлақәа аламҵакәа. Аԥкратә зин амч амазаауеит 2025 шықәса анҵәамҭанӡа.
Иарбоу аалыҵқәа Евразиатәи аекономикатә еидгыла иалахәу аҳәынҭқаррақәеи, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь рнагара ԥнакӡом.
2022 шықәсазы Фиодоровтәи аҵаргәатә ӡеизгарҭаҿ иҟалаз амашәыри Краснодартәи атәылаҿацә аҿы алаҵарҭатә ҭыԥқәа аӡы ахьрықәлази инарымаданы абрынџьи уи иалху арыцқәеи атәыла анҭыҵҟа аҭира азин аанкылан, анаҩс 2024 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа уи аамҭа иацҵан.