Урыстәыла

Аҳаирплан Azerbaijan Airlines Ҟазахсҭан икаҳаит

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Бақәа - Грозныи ицоз аҳаирплан аԥсаатә рацәа ргәыԥ иалашәеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аҳаирплан Azerbaijan Airlines Актау икаҳаит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Ҟазахсҭан.
"Бақәа-Грозни ареис J2-8243 аҳаиреилахәыра "Азербаиџьантәи аҳаиреимадара" иатәыз аҳаирплан Embraer 190 Актау ақалақь аҟынтәи 3 километрак инацәыхараны итәар акәхеит", - ҳәа аҳәоит аилахәыра аофициалтә ҳәамҭаҿы.
рзаҳал аҿы иазгәаҭоуп.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Грозныи ақалақь аҿы анаҟә ахьхыз азы аҳаирплан Махачкалаҟа, анаҩс Актауҟа ахырхарҭа ԥсахын. Аҳаирплан аԥсаатә рацәа ргәыԥ иалашәеит.
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусзуҩцәа 52-ҩыки 11 ак атехникеи амца дырцәоит. Иҟоу адыррақәа рыла, еиқәхеит 6-ҩык.
Зынӡа аҳаирплан иҭан 67-ҩык апассаџьырцәеи 5-ҩык аекипаж алахәылацәеи.