Аԥсны

Аԥсны ахада иалхразы аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба ҭарҩит АКХ аҿы

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада ԥхынҷкәын 25 рзы ашәҟәы иҭанагалеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.
Раԥхьа иҭаргалеит Урыстәыла Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнакс иҟаз Олег Барцыц, анаҩс Аԥсны уаанӡатәи аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа ашәҟәҭагаларазы аршаҳаҭга бӷьыцқәеи анапаҵаҩратә бӷьыцқәеи рыҭан.
Аԥшьгаратә гәыԥ алахәылацәа еизыргароуп 2000 иреиҵамкәа, 2500 иреиҳамкәа алхыҩцәа рнапынҵамҭақәа.
Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит, анаҩс акандидатцәа рышәҟәҭагалара 10-мш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит. Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы.