Урыстәыла

Ҟазахстан икаҳаз аҳаирплан иҭаз 28-ҩык рыԥсы нхеит

Бақәа-Грозныи ицоз аҳаирплан ихыз анаҟә иахырҟьаны Актауҟа идәықәҵан, заанаҵтәи адыррақәа рыла аԥсаатә рацәа ргәыԥ иалашәеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Актау азааигәара икаҳаз аҳаирплан иҭаз рахьтә еиқәхаз рхыԥхьаӡара 28-ҩык рҟынӡа инеит. Урҭ рыбжьара ҩыџьа хәыҷқәоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Ҟазахстан Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра адырра инақәыршәаны.
Жәҩык рҭагылазаашьа ӷәӷәоуп, аҭыԥаҟны иара убасгьы ԥшьҩык рыԥсыбаҩқәа рбеит.
Ишышьақәыргылоу ала аҳаирплан иҭан 62-ҩык апассаџьырцәеи хәҩык аекипажи. 37-ҩык апассаџьырцәа — Азербаиџьан атәылауаа, 16-ҩык — урыстәылауаа, фҩык —Ҟазахсҭан атәылауаа, даҽа хҩык — Киргизантә.
Урыстәыла
Аҳаирплан Azerbaijan Airlines Ҟазахсҭан икаҳаит