Акультура-гәыразратә фонд "Ашана" ихнаркәшеит ашықәсҿыцтәи акциа "Аҵаа Бабадуны уҟала". Афонд аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит уи алҵшәақәа ртәы.
Сынтәа 100-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа афонд ахь асалам шәҟәқәа нарышьҭит Аҵаа Бабаду ихьӡала ргәазыҳәарақәа анҵаны.
" Ҳфонд аофис аҟны, насгьы асоциалтә даҟьақәа рҿы ахәыҷқәа ирҭаху аӡбахә анаҳҵон, ақәҿыҭра даараӡа ибзианы иаиуит ҳәа уҳәар алшоит. Зны-зынла еицлабуан аԥхьа ахәыҷы аҳамҭа изаахәаразы, иргәырӷьаразы. Ари аҩыза ақәҿыҭра есышықәса иҟоуп, аха сынтәа ҷыдала ауаа азнеизшәа ҳгәы иабеит. Имариам аамҭа ҳҭагылоуп, ауаа ирҭахуп згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыргәырӷьара", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.