АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа ДЖәР аҟны аиланхарҭа Гигант ахы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра адыррақәа:
Урыстәылатәи аоператив-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, аракетатә мчқәа, артиллериа рыла Украина арра-ааглыхратә комплекс анаплакқәа русура еиҿызкаауа аенергетикатә ргыларақәа, аибашьцәеи арратә техникеи ааха рырҭеит 143 раион рҟны.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 11 карыжьит.
Арратә операциа ҷыда иаалагазар иҭархоуп: 650 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 37867, 590ЗРК, 19738 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, аицҭырҟьаратә реактивтә системақәа рмашьынақәа 1500, артиллериеи аминаршәгақәеи 19334, иҷыдоу арратә автомабилтә техника 29123.