Арадио

Мамзышьха абнахьчаҩ аԥсаӡқәа рыхшьааразы: зыхдырра еиҳахазгьы дубап

Есышықәса Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылоит ашықәс ҿыцазтәи ауснагӡатәқәа рзы амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыԥҟара алмыршаразы. Ишԥақәныҟәо раионцыԥхьаӡа ари акәҵара, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Мамзышьха абнахьчаҩ Ахрик Ҟаитан.
Sputnik
Ҵыԥх аасҭа сынтәа ирымаҳхуаз аԥсаӡқәа иаҳа имаҷхеит, ҵыԥх 300 рҟынӡа рымаҳхуазҭгьы, сынтәа 200 раҟара иҟоуп, ҳәа иҳәеит Ҟаитан.
"Аԥсаӡқәа рыхьчаразы ицо аусурақәеи, ахараԥсақәеи иааныркыло дыҟоуп, зыхдырра еиҳахазгьы дубап. Ҵыԥх аԥҟара аилагараҿы 10-ҩык аанкылан, сынтәа макьаназы ԥшь-ҩык роуп иҟоу. Жьҭаара анҵәамҭазы ирымаҳххьан 100 инареиҳаны аԥсаҵлақәа", - ҳәа иҳәеит абнахьчаҩ.
Ҟаитан иажәақәа рыла, амҩақәа рҿы игылан аԥсаӡқәа изҭииуа рганахьала аусура иаҳа игәцаракызҭгьы, аԥсаӡқәа рыхьчара иаҳа иалыршахон.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.