Маршьан дазааҭгылеит иахьазы ашәҟәы иҭагыло агәыԥқәеи, аҽҭагаларазы арзаҳалқәа аанзыжьхьо ртәы. Аинициативтә гәыԥқәа зегьы ажьырныҳәа 6-нӡа ауаа рнапынҵақәа еизыргароуп, апартиа аҟынтә зхы ықәзыргылаз рыда, ҳәа адырра ҟаиҵеит Маршьан.
Иара убасгьы амза 6-нӡа алингвисттә комиссиа иахыстәуп. Акандидат иаҳасабала зегьы аршаҳаҭгақәа рнапаҟны ианыҟала нахыс агитациа аус хацыркхоит ҳәа иҳәеит Маршьан.
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы? иара убасгьы еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа рахь зхы ықәзыргылаз акандидатцәа рзы аефирқәа шеиҿкаахо атәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.