Аботаникатә баҳчаҟны хә-нызқь хкы рҟынӡа аҵиаақәа ирызҳауеит. Ахьҭа ззымчҳауа рыхьчара рҽазыҟаҳҵоит ахьшәашәарақәа ааиаанӡа. Убас сынтәагьы изаамҭанытәу аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаан. Аӡын аамҭазы аҵиаақәа рыхьчара шахәҭоу, убасгьы аҵиаақәа рааӡарҭа аҟамзаара уадаҩра дуны ишыҟоу, ҳаамҭазы аботаникатә баҳча аҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аҟәатәи аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.