Арадио

Жьиԥҳа еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц Тҟәарчал ишаԥыло атәы

Sputnik
Тҟәарчал Ашықәс ҿыц ишаԥыло, сынтәа аныҳәа рышҽазыҟарҵаз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион акультуратә усбарҭа аиҳабы Рита Жьиԥҳа.
Араион аҟны аԥсаӡ хада архиара хыркәшоуп, ақалақь агәҭа макьана арԥшӡара мҩаԥысуеит, аԥсаӡ ааигәа афотосахьа ахьҭухша аҭыԥ дырхиоит, лҳәеит Жьиԥҳа.
"Амза 29, 30 рзы аԥсаӡ аҿаԥхьа имҩаԥаҳгоит Ашықәс ҿыц иазку апрограмма, аԥхьатәи амш ахәыҷқәа ирызкны, анаҩс аиҳабацәа", - лҳәеит Жьиԥҳа.
Амза 31 аҵх аҽеиҩшамҭазы ақалақь агәы аҟынтәи ажәҩан ахь афеиерверкқәа рышьҭоит, аԥсаӡ хада аԥхьа еиҿкаахоит аконцерт.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.