Урыстәыла

Аладатәи Кореиа, Муан ақалақь аҿы аҳаирплан ҭахеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Аладатәи Кореиа, Муан ақалақь аҿы аҳаирплан ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Ренхап амаҵзура шьаҭас иҟаҵаны.
Аҳаирплан антәоз аҵԥраара-атәарҭатә цәаҳәа иахҟьаны аанда иасит, амца ацралеит.
Аиқәырхаҩцәа ргәаанагарала, аҳамрплан аҭахара амш аҭагылазаашьа иахьҟьеит, иара убас аҵарақәеи иареи реиҿасра.
Аҳаирплан иҭан 175-ҩык апассаџьыри фҩык аекипажи. Урҭ рыбжьара урыстәылауаа аӡәгьы дыҟаӡамызт. Еиқәхеит ҩыџьа аекипаж алахәылацәа, ахаҵеи аԥхәыси. 96-ҩык шҭахаз шьақәырӷәӷәоуп.
Аладатәи Кореиа иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа иҭахаз рыуацәа ргәырҩа рыцеиҩыршоит.