Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арышԥҳа ашықәсҿыцазтәи аҽазыҟаҵарақәеи аныҳәа амҩаԥгашьеи ирызкны

Sputnik
Ашықәс ҿыц ҳашәхымс илагылеит. Аныҳәақәа аҳәса рзы акыр аилахара зцу аамҭоуп. Ачыс азы амарҭхәқәа рсиақәа заанаҵы еиқәыршәаны афатә аҟаҵара, аныҳәатә гәалаҟара аԥҵара, анхарҭақәа рырԥшӡара, ахәыҷы-аду аҳамҭақәа рзырхиара, шаҟа ус рнапы алаку аиқәыԥхьаӡара уадаҩуп аҩнаҭақәа зырччо аҳәса. Ҭакԥхықәрала зус иазнеиуа иреиуоу Ельвира Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц ишаԥыло атәы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.