Аԥсны

Бадра Гәынба Владимир Путин иааиуа аныҳәамшқәа идиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 30 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин иааиуа аныҳәамшқәа идиныҳәалеит.

"Ҳара рыхә ҳаракны иаҳшьоит аиҩызареи астратегиатә принципқәеи шьаҭас измоу Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа. Ахәшьара ду аҳҭоит Урыстәыла Аԥсны иахьазы изҭагылоу аенергетикатә кризис аԥырхразы иҟанаҵо ацхыраареи егьырҭ асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәеи рҟны иҟанаҵо адгылареи", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи аҩганк рзы аинтерес зҵоу ахырхарҭақәа зегьы рҿы русеицура арманшәалареи рзы иалшо шыҟанаҵо.
Бадра Гәынба Путин агәабзиареи имаҵураҿы аринахысгьы ақәҿиарақәеи Урыстәыла ауааԥсыра зегьы аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.